Аҳақьымцәа рымшныҳәа азгәарҭеит Тҟәарчал ақалақь аҟны.
16.06.2017
Аҳақьымцәа рымш ныҳәа азгәарҭеит Тҟәарчал ақалақь аҟны. Кыр шықәса ззанааҭ иазааҧсахьоу аусзуҩцәа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа.
Аҭоурых ду змоу , аибашьра аамҭа азы ахәцәа ахьрыдыркылоз Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа. Аибашьра ашьҭахь акапиталтә ремонт шазумгьы, ари ахәышәтәырҭа есыҽны иаднакылоит згәабзиара уашәшәыроу ауаа. Аус руеит шәи ҩажәи жәаҩык амедицина аусзуҩцәа, урҭ рахьтә жә-ҩык аҳақьымцәа. Есыҽны рзанааҭтә уалҧшьа нарыгӡоит кыр шықәса аус зухьоу аспециалистцәа. Иҟоуп, аибашьра ашықәсқәа рзы аҕацәа рхымҭа иаганы иҟаз ҳаибашьцәа аҧсҭазаарахь изырхынҳәуаз аҳақьымцәагьы. Урҭ иахьагьы ирыдыркылоит ацхыраара зҭаху ауааҧсыра. Иазгәаҭатәуп, ари ахәышәтәырҭа аҟны ацхыраара зауа ачымазцәа хымштәи рыхәышәтәра шхәыда ҧсадоу.
Араионтә хәышәтәырҭа аҟны аус руеит хырхарҭала еиуеиҧшым азанааҭқәа змоу. Иҟоуп имаҷымкәа аҟәшақәа. Акапиталтә ремонт шыҟамгьы, уахьынаҧш-ааҧшуа ицқьоуп, иҟоуп иҿыцу амаругақәа ахьықәгылоу ауадақәагьы. Ахәышәтәырҭа амедицина аусзуҩцәа агәыҕра аадырҧшуеит, ирымоу алшарақәа аҧхьаҟа рымҽхак ҭбаахап ҳәа.
Амедициана аусзуҩы имш инамаданы, Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭаҿ аус зуа ирыдныҳәаларц, кыр шықәсатәи рџьабаа азы аҳаҭыртә шәҟәқәа ранаршьарц азы уахь инеит араион анапхгара.
Ашәҵатәы шкәакәа зшәу, ауаҩ игәабзиара иацклаҧшуа аҳақьымцәа ажәа ҧхақәа рзыркит, рзанааҭтә мшы рыдныҳәало ирзеиҕьаршьеит агәабзиара ҕәҕәа, аманшәалареи ачҳареи рнапы злаку аус аҿы.
643

Оцените новость:
+1
+2
+3
+4
+5
Сохраните ссылку или поделитесь с друзьями