Атәанчаҩцәа зда ҧсыхәа рымам ахәшәқәа рыхәҧса 25% агырханы иаархәартә еиҧш алшара роуеит .
07.08.2018
Ҧшьынҩажәи жәба хкы еиуеиҧшым ахәшәқәа анылеит ишьақәырҕәҕәаз асиа . Арҭ ахәшәқәа аҧтекақәа зегьы рҿы атәанчаҩцәа иаархәарц рылшоит , рхаҭара шьақәзыргыло ашәҟәала . Убри аан иазгәаҭатәуп , ари акатегориа иаҵанакуа аҧсуа тәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа мацара шракәу. Зсиа шьақәыргылоу ахәшәқәа рҭилоит Аҧсны иҟоу ахәшәҭирҭақәа зегьы рҿы . Уахь иалоуп аҳәынҭқарратә аҧҭекақәа реиҧш , ахатәы аптекақәагьы . Макьаназы , ҳҭыхратә гәыҧ зҭааз ҳаҳҭнықалақь ахәшәҭирҭақәа жәпакы рҿы ақәҵара аӡбахә раҳахьазаргьы , Аҧсны агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтәи изықəныҟәаша ашәҟәы рмоуц.
385

Оцените новость:
+1
+2
+3
+4
+5
Сохраните ссылку или поделитесь с друзьями