Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҭыҧантәии аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа рзы абрифинг мҩаҧигеит.
11.07.2016
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҭыҧантәии аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа рзы абрифинг мҩаҧигеит. Уи азкын ииуль жәаба рзы атәылаҿ имҩаҧгаз ареферендум. Рауль Ҳаџьымба иҳәеит, абжьыҭара амҩаҧгара аиҿкааразы аҳәынҭқарра иахәҭаз зегьы шыҟанаҵаз азакуан аҧҟарақәа инарықәыршәаны. Абжьыҭира алҵшәақәа иаадырҧшит ажәлар аоппозициа аганахь ала ирымоу агәрагара зеиҧшроу, иҳәеит атәыла Ахада. Рауль Ҳаџьымба убасгьы иазгәеиҭеит, ииуль хәба рҽны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра аҩныҵҟа аҩналаразы иҟаз аҽазышәарақәа еиҿызкаази, ирылахәызи рганахь ала аусҭҵаара шхацырку азакуан инақәыршәаны.Атәыла Ахада иҳәеит, ареспублика аҩныҵҟа аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу. Аҳәынҭқарра анапхгара мап шацәырымкуа иҟоу азҵаарақәа рыӡбаразы аоппозициа ахаҭарнакцәа рацәажәара.
1037

Оцените новость:
+1
+2
+3
+4
+5
Сохраните ссылку или поделитесь с друзьями