АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҩаша, 18 Мшаҧы 2023 21:28

52 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Сенер Гогәуа

Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа дааит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара шиҵоз аибашьра ианалага, ҩажәи ак шықәса зхыҵуаз арҧыс иабџьар шьҭыхны аҕа диҿагылеит . Ибеиоуп Сенер Гогәа иҧсҭазааратә мҩа . Аус ахьиуазаалакгьы, ҭакҧхықәрала зус иазнеиуаз уаҩын . Агәыҳалалра аҳәаақәа ирҭагӡаны, ацхыраара риҭон ахәыҷ чымазцәа , зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу , ахәыҷы рацәа ахьыҟоу аҭаацәарақәа. Ажәабжь иацылҵоит Асида Малыиаҧҳа.

Media

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30