АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 19 Мшаҧы 2023 21:33

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар реизара асессиа аилатәара

Жәлар Реизара адепутатцәа рыбжьаҭарала аконтролтә палата ахантәаҩыс далхуп Каха Пертаиа, Ауаҩ изинқәа рыхьчара аҭакҧхықәра лыдҵоуп Анас Кьышьмариаҧҳа . Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар реизара асессиа аилатәара. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан ҩажәиак зҵаара инареиҳаны. Адепутатцәа аӡыргаразы азакәан аҧсахрақәа аларгалеит , азакәан аилагаразы ахараҧса иацырҵеит. Аҧсахрақәа аларгалеит иназыцҵоу ашәахтә ахәҧсазы азакәан. Уи инақәыршәаны, амедицинатәи анефт аалыҵқәеи рыхәҭак иахыршәаауа ашәахтә аҿҳәара иахырҧаны иршәалар азин ыҟоуп . Уахь иаҵанакуа аалыҵқәа рсиа аминистрцәа реилазаара ишьақәнарҕәҕәоит. Асессиа аилатәараҿы егьырҭ азакәанқәа рпроектқәа ирылацәажәеит. Аилатәара аҟынтәи анҵамҭа азлырхиеит Асида Малыиаҧҳа .

Media

Архив новостей

« Рашәара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30