АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҧшьаша, 27 Мшаҧы 2023 21:30

Имҩаҧысит Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара реилатәара

Аҳәынҭқарратә пограмма «Анхарҭа ҩажәи хҧа-ҩажәи хәба» азы акомиссиа шьақәырҕәҕәоуп . Уи ахантәаҩыс далхуп аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Пустовалов . Ҩ-нызқьи ҩажәи хҧа шықәса рзы Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара апрограмма иазоужьуп хә-миллион мааҭ. Аминистрцәа реилазаара иара убас ҳтәылахь иҭаргало, мамзаргьы аҳәаа иахырго арҩашьыгатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәа рыквота шьақәнарҕәҕәеит. Асиа ианылеит жәаха хкы ахәшәқәа. Ҩ-нызқьи ҩажәи ҩба шықәсазы аҭаацәара дуқәа рҿы ииз ахәыҷқәа инеизакны ирзоужьын ҩажәи жәаф миллион инареиҳаны , зынӡа -хышәи хынҩажәи ҩба ҭаацәара ыҟоуп изызшәатәу. Аҧара рзоужьын иара убас Донбасс аоперациа ҷыда аан иҭахаз рҭаацәарақәа . Аиҳабыра иара убас егьырҭ азҵаарақәагьы ирыхәаҧшит. Аилатәара аҿынтә Фатима Гьергьиаҧҳа ланҵамҭа .

Media

Иҵегь ари акатегориаҟны « Амшеикәшара 26.04.2023 Амшеикәшара 27.04.2023 »

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30