
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvҨажәижәаба шықәса раҧхьа, Гәымысҭатәи афронт ала Аҧсны ахақәиҭразы аҧсуа еибашьцәа анжәылоз, урҭ ацхыраара рырҭарц Гәдоуҭантәи Аҳбиук ахәы аҳаракыраҿы верталиотла адесант дыртәеит. Аха аибашьцәа аверталиот аҭыҵха рымҭакәа ақырҭқәа реихсра иалагеит .Уи аҽны иҭахеит адесант иалаз 46-ҩык рахьтә 29-ҩык, иҟоуп хабарда ибжьаӡыз. Рыҧсы ҭаны ихынҳәит жәибыжь-ҩык аибашьцәа. Адесант иалаз, еиқәхаз аибашьцәеи, иҭахаз рҭаацәеи ашьыжь ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәатәи Ахьӡ Аҧша апарк аҿы. Анаҩс дара Аҳбиукҟа ихалеит.