
Хынҩажәи жәохә шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Аҧсны АФырхаҵа, аинрал- леитенант, уаанӡатәи Атәылахьчара аминистр, арра ҳаиртә мчқәа ркомандаҟаҵаҩ Виачеслав Аҳмеҭ- иҧа Ешба. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны арратә дҵақәа рынагӡара инапы алакын. Изныкымкәа ҳаирпланла дҧырхьан Чечентәыла ареспублика ашҟа абџьари аџьаҧҳаныи раагаразы. Анаҩс, Виачеслав Ешба мрагыларахьтәи афронт ашҟа дҧыруан аидара иманы. Очамчыра араион аҟны знык икаҳахьан ирҧыруаз аҳаирплан. Иара иакәын Ахбиук ахәы ҳаракыра ашҟа аҧсуа десант хазгалоз авертолиот акомандаҟаҵаҩыс иҟаз. Аиааира ашьҭахьгьы дрылахәын ақырҭуа диверсиатә гәыҧқәа ирҿагыланы аруаа инарыгӡоз аоперациақәа зегьы. Ҩнызқьи жәба шықәса инаркны Виачеслав Аҳмеҭ- иҧа Ешба Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи Аҟәатәи аҳаиртә баҕәаза адиректор хадас дыҟан. Виачеслав Ахмеҭ-иҧа Ешба иҩызцәа ргәалашәараҿы даанхоит наунагӡа зыҧсадгьыл бзиа избоз патриотк иаҳасабала.