АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҩаша, 03 Жьҭаара 2023 21:00

Имҩаҧысуеит Амшынеиқәа-Кавказтәи арегион апроблемақәа ирызку жәларбжьаратәи аконференциа

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҧшьгарала имҩаҧысуеит зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа- ҧшьынҩажәи жәаха шықәсқәа рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵреи Аҧсны Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара жәохә шықәса ахыҵреи ирызку; « Амшынеиқәа- Кавказтәи арегион аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи рыпроблемақәа»,- ҳәа захьӡу Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа.Жьҭаарамза ҩба рзы аконференциа аусура хацыркын Мгәыӡырхәа ақыҭан: ҳтәыла аҭоурыхтә милаҭтә гәарҧ « Аҧсны» аҿы. Аконференциа аҩбатәи амш азы апленартә еилатәара мҩаҧысит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы.

Media

Архив новостей

« Цәыббра 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30