АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 05 Хәажәкыр 2025 10:05

Имҩаҧысит Аҧсны ахадацәа Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаҧшьи ргәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатәқәа

Хәажәкырамза ҧшьба ҳҳәынҭқара азы акыр зҵазкуа ҭоурыхтә рыцхәуп. Абри амш аҽны ҩ-нызқьи жәаба шықәсазы иҧсҭазаара далҵит Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба. Хәажәкырамза ҧшьба рзы диит Аҧсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь. Арҭ арыцхәқәа инарымадан, Аҧсны имҩаҧысит аусмҩаҧгатәқәа. Аҧсны Ахадарахьы иалху Бадра Гәынба ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаиҵеит Алада Ешыра, Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ибаҟаҿы. Анаҩсан даҭааит Џьгьарда ақыҭан Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь анышә дахьамадоу. Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаҧшьи дыргәаладыршәеит атәыла ахада ихаҭыҧуаҩыс иалху Беслан Бигәаа, аиҳабыра алахәылацәа, адепутатцәа , ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

 

Media

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30