АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҧшьаша, 17 Мшаҧы 2025 20:32

В.Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәаза апассаџьыртә реис аднакылараны иҟоуп лаҵарамзазы

Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәаза раҧхьатәи апассаџьыртә реис аднакылараны иҟоуп лаҵарамза аказы. Ари амш аҽны аилахәыра ЮВТ-АЭРО аҳаирплан 14 сааҭи 30 минуҭи рзы Москвантәи ишьҭыҧраауеит. Аҟәатәи аҳаиртә баҕәаза иаднакылоит 18 сааҭ рзы. Шьҭахьҟа иҧыруеит 19 сааҭи 30 минуҭи рзы. Анаҩстәи ареис Москвантәи Аҟәаҟа аара азгәаҭоуп лаҵарамза хҧа рзы. Аҳаиртә баҕәазаҿы аҳаирпланқәа рыдкыларазы аҽазыҟаҵарақәа рымҩаҧысшьа ҭырҵаауан ҳкорреспондентцәа.

 

Media

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30