АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҩаша, 26 Нанҳәа 2025 05:38

Ҧсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырҧссараҿы аҽацәқәеи адомбеиқәеи ааӡаны абна илараҵарц ргәы иҭоуп

Аҧсабараҿы иҟаз абеиарақәа реиҭашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны, Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа иаҧшьгарала, Ҧсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырҧссараҿы иааӡаны абна илараҵарц ргәы иҭоуп иахьа ҳтәылаҿы иҟам, акыршықәсқәа раҧхьа ианыӡаахьоу ашәарахқәа - аҽацәқәеи адомбеиқәеи. Иахьазы ари аҳәырҧсарраҿы иҭакны ирааӡоит аҽацәқәа, шықәсык иалагӡаны аизҳарагьы роуит. Ари аҭыҧ даҭааны ибеит аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа. Иара убасгьы ҳҭыхратә гәыҧ аҭааны ирбеит ашыц аҿиара иахьаҿу Камантәи абнақәа руак.
 

Media

Архив новостей

« Нанҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31