Нанҳәа 26 Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьыҧшымра азхаҵара амш. Ари аҧсуа жәлар акыр шықәса иззыҧшыз ахҭыс иҧшьоу мшны иаанхоит. Сынтәа жәибжь шықәса ҵит Урыстәыла Афедерациа Аҧсны ихьыҧшыму зхы иақәиҭу ҳәынҭқарраны иазханаҵеижьҭеи . Ари амш аҳаҭыр азы Аҧсны Ахада Бадра Гәынбеи, жәлар реизареи , аиҳабыреи, аибашьра аветеранцәеи , аиҳабыра рхаҭрнакцәеи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсадгьыл ахьчара аан иҭахаз аҵеицәа Аҟәатәи рбаҟа амҵан. Иара убасгьы дара аҭааит Аҧсны актәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыратәи амемориалтә комплекс.