
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvАҧсуа медициназы акрызҵазкуа хҭысны иҟалаз адеи-агәыи рцентр аартра,абар шьҭа ҩымз ҵуеит ауса уеижьҭеи. Уи аамҭа иалагӡаны араҟа рыҧсқәа еиқәдырхахьеит 90-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 30 процент ирласӡаны ацхыраара зҭахыз ракәын. Ианаамҭоу адиагноз ықәыргыланы мышкы ҩба-хҧа ҧҟара мҩаҧыргоит, иҟоуп ианеиҳаугьы. Амедицинатә аппарат аахәан Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраарала. Абраҟа иҳәатәуп, хара имгәакәа иаарту агәаҿы аҧҟарақәа рымҩаҧгарагьы ишалаго. Ҳҭыхратә гәыҧ аус ауан раҧхьатәи аҧҟара анымҩаҧыргоз, иахьагьы иҳауит уи аҩыза алшара. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.