
Ҩ-нызқьи ҩажәи ҩба шықәсатәи аҳәынҭқарратә биуџьеҭ инацны инагӡоуп хышәи ҧшьынҩажәи жәаа миллион рыла. Абри атәы иҳәеит Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ , афинансқәа рминистр Владимир Делба . Агәабзиарахьчара аминистрра иазоужьын миллиардк рҟынӡа аҧара . Ичмазаҩханы ирыдҵаалаз хынҩажәи аа-ҩык ацхыраара рыҭан, шә-миллионк инарыцны аҧара рзоужьын. Хәажәкырамза ҩажәи ааба рзы аҧыза-министр Александр Анқәаб ихантәаҩрала имҩаҧысит аминистрцәа реилазаара аилатәара . Ишьақәырҕәҕәан ибиуџьеттәым афондқәа фба иҳаҩсыз ашықәсазтәи русуразы аҳасабрбақәа . Атәанчаратә фонд акәзар, атәанчаҩцәа рҿаҧхьа ауал ақәӡам. Иззырымшәац раион заҵәык ыҟоуп , иара убригьы амчыбжь нҵәаанӡа ирызшәахоит . Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан егьырҭ азҵаарақәагьы . Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа .