АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 10 Ԥхынкәын 2025

Aҧшьаша, 11 Ԥхынкәын 2025 00:49

Амшеикәшара 10.12.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Мызкы иалагӡаны дара аҽазыҟаҵарақәа ирхысит. Ҭоубашьҭазҵаз аҿар еиуеиҧшым архәҭақәа рахь еихыршоит. Ари атема еиҳа инарҭбааны Фатима Гьергьиаҧҳа ланҵамҭаҿы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны аҵара аминистрра азанааҭтә хырхарҭатә цәыргақәҵа аатит Аҟәа. Уи ихы алаирхәит Аҧсны аҧыза-министр Владимир Делба. Атәыла ахырхарҭарацәатә,агуманитартә, атехникатә коллеџьқәа рҵаҩцәа,анаплакқәа жәпакы русзуҩцәа иаздырхиеит ацәыргақәҵа. Астудентцәа ракәзар, рҵараиурҭақәа ирызку аӡыргарақәа ҟарҵеит. Ацәыргақәҵа партниорцәас иамоуп "Аҧсны аихамҩа", "Амшынӷбарныҟәара", Владислав Арӡынбаихьӡ зху Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа акадастр азы азакуан Ахада Иусбарҭа иаланагалаз аҧсахрақәа алагаланы, аҩбатәи аҵыхәтәантәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит. Еиҭамҵуа амал азы акадастр азакәан инақәыршәаны, уи амч аиуеит иааиуа ашықәс,ҧхынгәымза 1 инаркны , ажәабатәи ахы аламҵакәа. Аминистрцәа Реилазаара иадҵоуп, 2026 шықәса, ҧхынҷкәынымза 31-нӡа анорматив зинтә актқәа азакәан иақәшәо рыҟаҵара, азакәан ахархәара алзыршо анормативтә актқәа аусрыдулара, рышьақәырӷәӷәара. Ажәабжь иацырҵоитҳкорреспондентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 10 Ԥхынкәын 2025 09:55

Амшеикәшара 09.12.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ахыбра ацәыргақәҵа аиҿкаа иазырхиоуп, иаанхаз аҩнымаҭәеи , аекспозициақәеи рыҩнаргылара ауп. Иарбан материалқәоу ицәыргахо аҭоурых аарҧшразы, насгьы ианбаартхо? Атема иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ари ақәыргыламҭа актиор, арежиссиор, Аҧсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба игәаларшәара иазкны имҩаҧган. Аспектакль ашҟа имҩахыҵит иара ибзиаӡан дыздыруаз, аусицзухьаз иҩызцәа,аҭаацәа, астудентцәа ҿарацәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иналукааша аҵарауа., алитератураҭҵааҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, ААУ апрофессор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик Маргарита Глеб - иҧҳа Ладариа лыҧсы ҭазҭгьы, илхыҵуан 100 шықәса. Ари амш аҳаҭыр азы, Аҟәа, аҵарауаҩ дахьынхоз аҩны аҿы иаартын агәалашәагатә ӷәы. Иара убасгьы, аунивирситет аҿы имҩаҧысит "Аҧсҭазаара ажәа анаукаҿы" ҳәа захьӡыз аиубилеитә конференциа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Ԥхынкәын 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31