АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aшәахьа, 02 Рашәара 2025

Aҩаша, 03 Рашәара 2025 00:12

Амшеикәшара 02.06.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Агәыкра зцу аныҳәа. Аҟәа иазгәаҭан «Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш». Даҽа аамҭанык еиҧшымкәа зехьынџьара ахәыҷқәа рыбжьы ықәыҩуан. Ахәмаррақәа хкы-хкыла. Зегьы ргәы иақәшәоз алырхыртә алшара рыман. Ахаара зҵаз аныҳәа ҧшӡа аҿынтә ҳкорреспондентцәа ранҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә аусхкрацәатә коллеџь аҟны сынтәа ахәыҟаҵаҩ изанааҭ ала рҵара хдыркәшеит ҧшьынҩежәи жә-ҩык аушьҭымҭацәа. Аушьҭымҭацәа ҩышықәса ирылагӡаны идырҳаз адырра ахәшьара азҭоз рыбжьара дыҟан Аҧсны аҵара аминистр Хана Гәынба.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иҟаҵоуп раҧхьатәи ашьаҿа. Иахьа Аҟәа, Аҧсни Урыстәылеи рырҿиаратә коллективқәа еиҧылеит. «Ҩ-тәылак рырҿиаратә коллективқәа рымчқәа еидаҳҵоит аиҩызаратәи аусеицуратәи еизыҟазаашьақәа ҧхьаҟа рырҕәҕәаразы», - абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсуа театр аҿы имҩаҧысыз аиҧылараҿы Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Паршин. Иарбан хырхарҭақәоу аусеицура иаҵанакуа ҳзеиҭалҳәоит ҳкорреспондент Фатима Гьергьиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Рашәара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30