

Аветеран Заур Адлеиба – «Черный капитан» ҳәа ахьыӡ ҷыда иман. Иара идунеи иҧсаххьеит, аха аҭоурых дазынхеит. Игәаҕьразы ҩынтә Леон Иорден ианашьоуп. Хы-шықәса ҵит иҧсадгьыл дацәыӡыижьҭеи. Аха ихьӡ шырҳәац ирҳәоит. Ауаажәларра-политикатә усзуҩы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, ҩынтә Леон иорден занашьоу, Ахьӡ- аҧша оарден ахҧатәи аҩаӡара занашьаз аветеран Заур Қыбеи- иҧа Адлеиба игәалашәара иазкуп анаҩстәи анҵамҭа.
Сынтәа уи мҩаҧысуеит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба идҵала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаҧгаз Цандрыҧшьтәи ашкол -интернат аҿы. Уи рхы аладырхәырц Аҧсныҟа иааит Урытәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҟынтә асасцәа. Аҵарашықәс иалагӡаны зҽалызкааз аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аҧхынтәи ашкол ахь ааҧхьара рымоуп . Иара еиданкылоит 250-ҩык инарзынаҧшуа. Ашколхәыҷқәа рыбжьара аҧхынтәи ашкол еиҿкаауп ҩажәи хҧатәи аекологиатә експедициа аҳәаақәа ирҭагӡаны.