

Риҵатәи амилаҭтә ҳәырҧсарра аусзуҩцәа иааиҧмырҟьаӡакәа аусурақәа ирҿуп илеиуа асы арыцқьаразы, уахь ихало амашьынақәа рырманшәаларазы. Иахьазы амҩаду аартуп, хыҧхьаӡарала имаҷымкәа ихалоит аҧсшьаҩцәа.
Иабанӡаҳдыруеи ҳхатәы бызшәа? Арҭ амшқәа рзы аунивирситет аҿы факультет цыҧхьаӡа аҧсуа бызшәазы аҳәынҭқарратә ҧышәарақәа мҩаҧысуеит. Раҧхьатәи алыҵшәақәа инарықәыршәаны,азиндырратә факультети абио-медицина ахырхарҭеи рыстудентцәа рдыррақәа уаареигәырӷьартә иҟоуп,- ҳәа азгәарҭоит аҧышәарақәа здызкыло аҧсуа бызшәа афакультет бжьаратә кафедра анапхгара.Иахьа арҭ аҧышәарақәа ирылахәын ҳҭыхратә гәыҧгьы.
Сынтәа аҳәынҭқарра ишьақәнаргылеит 35 тонна аҧсыӡ акра азин ыҟоуп ҳәа. Иарбан ҧҟарақәоу изықәныҟәатәу акамшьиа акраан,насгьы иарбан ҿыцрақәоу иалагалоу ари асезон азы?