

Уи еиҿнакааит Ауаажәларратә палата Аграждантә форум аламҭалазы. Еизаз иазгәарҭеит, адемографиа аиҵахара шаныҧшуа. Уи зыхҟьо ахәыҷқәа риира ахьылаҟәыз, ажәра аҟынӡа имнеикәа ауааҧсыра рыҧсҭазаара иалҵуа иахьалагаз, аҭаацәара алалара аҿҳәара алалара ахьахдырҧо уҳәа, абарҭ зегьы азгәаҭан аилатәараҿы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара агхарахь атенденциақәа азгәаҭоуп. Ари апроблема ӡбашьас иамоу азы агәаанагарақәа ҳәан.
Амшхәаҧштә аҟны иқәгылаз азҵаарақәа хҧа ирыхәаҧшны ирыдыркылеит. Убас, Гьерман Каҷараа изинмчрақәа адепутатцәа иааныркылеит Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа рынагӡарахь дахьиасыз азы. Аҟәатәи уаанӡатәи асанаториақәа МВО-и ПВО-и уажәшьҭарнахыс официалла Урыстәылатәи арратә база ахьгылоу аҭыҧқәа рсиа иалгроуп, уи азы адепутатцәа азакуан аиҭакрақәа алагалан актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Аҧсны мрагыларатәи ахәҭа атуризм аҿиара иамоу азҿлымҳара еиҳа-еиҳа иацлоит, еиҳаракгьы Аҟәатәиаҳаирбаӷәаза анаадырт ашьҭахь. Анхацәа еиҳа ирзааигәоу, насгьы атуристцәа еиҳа азҿлымҳара зырҭо ахырхарҭақәа рыла апроектқәа рзы аҧшьгарақәа ҟарҵо иалагеит. Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа, анхацәа рпроектқәа дрыдҵааларц ақыҭақәа Гәыҧи Кәтоли дырҭааит. Аус хацзыркыз ауааҧсыра рыгәҭақәа еиликааит, анаҩсан аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара рыҭаразы. Урҭ дрыцын Алхас Ҧсардиагьы.
Убас, Гәдоуҭа араион аҿы 9-ҩык ыҟоуп. Изыхҟьои ас еиҧш аҭагылазаашьа? Насгьы, ишҧахьчатәу ахәыҷқәа? Азҵаара аҭак анҵамҭаҿы.
Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит СССР-и,Урыстәылеи, Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Дырмит Гәлиеи Таиф Аџьбеи рыхьӡ зху апремиақәа рлауреат, Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, Ахьӡ-аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Анатоли Лагәлаа.
Уи аҟны хықәкыла иазааҭгылан ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны иазгәарҭо аусмҩаҧгатәқәа.Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылара аус рыҳәҭа алагаларазы аҵарауаа ҽарацәа ирымоу агәҭакқәа цәырган ажәалагала аҳасабала.