
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvАжәабатәи ажәеизатәи аклассқәа рҵаҩцәа еиқәдыршәеит аҭҵааратә усурақәа. Атемақәеи азнеишьақәеи еиуеиҧшымызт. Ажәабжь иациҵоит Дамеи Акшба.
Ақыҭанхамҩа аҿиара алацәажәара, ирыдыргало апроектқәа ралҧшаара, еиҳа ацхыраара зҭаху аҧхьа рыргылара уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәан Очамчыра араион ақыҭақәа рхадацәеи ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи реиҧылараҿы.Ажәабжьиацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Иазгәарҭеит Ураза-Баирам. Ари аныҳәа аҳаҭыр азы Аҟәатәи аџьаамаҿыимҩаҧган анамаз. Аҧсылман дин ныҟәызго ауааҧсыра мызкы аурычра ныҟәыргон. Ауаҩҧсы имоу агәнаҳарақәа рҟынтәи ҳазшазАнцәа ихы дақәиҭитәуеит ҳәа иҧхьаӡоуп.