«Ҳхықәкы наҳагӡеит . Шьҭа ҭынч ҳаҧсыргьы ҟалоит». Арҭ ажәақәа зҳәаз дыззымдыруа аҧсыуак дыҟамзар ҟалап . Лаҵарамза ҩба рзы , иҧсы ҭазҭгьы, 77 ш. ихыҵуан, Аҧсны афырхаҵа, Ахьӡ-аҧша аорден актәи аҩаӡара занашьаз ,аҧсуа аинрал Сергеи Дбар. Зыҧсҭазаара зегьы зыуаажәлар рымаҵ аура иазызкыз, Сергеи Платон-иҧа дыргәаладыршәеит , иара дахьиз Мгәыӡырхәа ақыҭан. Шәахәаҧш Шьазина Ханагәуаҧҳа иазлырхиаз анҵамҭа.