Атәыла анапхгара ирылшо ҟарҵоит асоциал- економикатәи абзазаратәи зҵаарақәа рыӡбаразы. Ари аус ахырхарҭала иӡбоу апроблемақәа маҷӡам. Уи рныҧшуеит ауааҧсырагьы. Хышықәса ирылагӡаны Очамчыра араион аҿы еиҭакрақәас иҟоу, насгьы анхацәа рзы урҭ ныррас ирымоу атәы Алиас Қорсаиа ианҵамҭаҿы.