Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aхаша, 14 Рашәара 2023 21:35

Ашарҧаз, Гагра иҟалаз амшцәгьа араион аҧхасҭа ҕәҕәа анаҭеит

Иҳамоу аинформациала, ҧсыҭбара ҟамлеит , аха ахыбрақәа ааха роуит Аихамҩа аӡы иҵнаӡәӡәааит . Амш цәгьа аҧхасҭа ахьыҟанаҵаз аҭыҧқәа дырҭааит Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа. Иара аусутә еилацәажәара мҩаҧигеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи, акоммуналтә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа алархәны. Аусурақәа ирҿуп араион иаиуз аҧхасҭа ашьақәыргыларазы. Атәыла ахада аилацәажәара иалахәыз адҵа риҭеит иааралсны аихамҩа аусура аларгаразы. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа азы есымша адырра ирҭалароуп. Иара убасгьы иаҧҵоуп акомиссиа ҷыда. Уи аҿаҧхьа дҵаны иқәгылоуп араион ауааҧсыра ироуз аҧхасҭа шьақәыргыланы ацхыраара рыҭара. Иазгәаҭатәуп, иҳаҩсыз ашықәс азы Аҧсны иҟалаз аҭагылазаашьа ҷыда аан ауааҧсыра ишрызшәаз хышә миллион мааҭ.

Media