Ауаа шықәсылатәи рнахандеи зегь минуҭқәак рыла зыҽзырцәгьаз аҧсабара иацҟьеит. Ас еиҧш арыцҳара иақәшәаз рымацара инырмыжьырц азы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирылшо зегь ҟарҵоит. Гагра араион ахадара имыцәа- имтәа ауаа изларыцхрааша иаҿуп. Аха зегьынџьара рнапы наӡом, рылшарақәагьы ҧкуп. Шәахәаҧш шьыжьы инаркны хәлаанӡа Гагра араион аҿы аус зуас Сариа Кәарцхиаҧҳаи Темыр Гәагәахьеи ранҵамҭа