Аҵыхәтәантәи аамҭазы асоциалтә ҳақәа рҿы аинформациа цәырҵит Аҟәа, Воронов ихьӡ зху амҩаҿы иҟоу ахҧатәи аҽыкәабарҭа ахыбра ықәгахоит ҳәа.Ари ауаажәларра рыҩнуҵҟа ацәажәарақәа рацәаны иахылҿиааит. Ҳкорреспондентцәа излеилыркааз ала, ахыбра аҭоурых-культура ҭынхақәа рахь иаҵанакӡом. Ус шакәыз шьақәдырҕәҕәеит уи азы аҭакҧхықәра зду аусбарҭа ахаҭарнакцәа.