Амшхәаҧштә аҿы иқәгылаз азҵаарақәа зегьы рыдыркылеит: ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма ақәҵара аиҭакра алагалара, Урыстәыла имҩаҧнаго аоперациа ҷыдаҿы иҭахаз рҭаацәарақәа аҳәынҭқарра аҿынтә аҧара рзоужьра, ача ахәҧса ҩ-мааҭк ацҵара уҳәа аиҳабыра зхәаҧшыз азҵаарақәа рацәоуп. Инеиҵыху ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит Фатима Гьергьиаҧҳа ланҵамҭа.