Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵра иазкын аветеранцәеи аҿари, Аахыҵ- Уаҧстәыла ахаҭарнакцәеи злахәыз акциа «Афырхацәа рымҩала». Мышкы иалагӡаны, дара анысит зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса, ҧхынгәымзазы ажәыларақәа ахьцоз Гәымсҭатәи афронт амҩақәа.Иара убасгьы , ашәҭқәа шьҭарҵеит афырхацәа рбаҟақәа рымҵан. Акциа еиҿыркааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аҧша аҳәынҭқарратә музеии, аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакыи. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.