30- ҩык рҭоурых, Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы. Иҭыҵит ашәыҟә ҿыц " Ихәыз ахәыҷра", захьӡу. Авторс дамоуп Саида Жьиҧҳа. Аҧсны аибашьра анцоз изыниаз ахҭысқәа ргәаладыршәоит. Қәрала быжьшықәса инаркны жәибжь рҟынӡа. Х-бызшәак рахь еиҭагоуп: аҧсшәа, аурысшәа, аҭырқәшәа. Ашәҟәы аӡыргара аҟынтәи Шьазина Ханагәаҧҳа ланҵамҭа.