Қырҭтәыла ар Цхинвал иақәлеижьҭеи жәохә шықәса аҵра азгәаҭара аҽны, Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынбеи, Аҧыза- министр Александр Анқәаби,атәыла ахада иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанбеи, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини, Жәлар реизара адепутатцәеи, аминистрцәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәеи аҭааит Аҟәа иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәарҭа. Дара иргәаладыршәеит ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рхымца иагаз афырхацәа. Атема иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.