«Ахьышьҭра» ҳәа захьӡу аҧхынтәи алагер амҩаҧгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа рхылҵышьҭрақәа рхаҭаранкцәа арҭ амшқәа рзы Аҧсны еиуеиҧшым аҭыҧҧшӡарақәа ирҭаауеит, имҩаҧыргоит еиуеиҧшым аиҧыларақәа . Убас , Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит ахәыҷқәеи абиблиотека аусзҩцәеи реиҧылра. Дара рзы имҩаҧган хаҭалатәи аекскурсиа. Шәахәаҧш анаҩстәи ҳанҵамаҭа .