Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа хәҩык рыхьӡала Гәдоуҭа ақалақь Кьаразаа рымҩаҿы игылоу аҩны аҭӡаҿы иаартын амемориалтә ҕәқәа. Анзори Ҭамази Барцыцаа, Рудик Ҧкьын, Гарик Дауҭиа, Рудик Лакәиа рыхьӡқәа хьтәы нбанла ахаҳә ианылеит. Уи алыршахеит ирыцеибашьуаз рҩызцәеи ргәылацәеи иҟарҵаз ацхыраарала.