Аџьџьаҳәа ахьыбҿар рыбжьы ықәҩит аҭоурых ҭыҧ Мықә ашҭа. Цәыббра жәохә рзы имҩаҧысит акультура- напҟазаратә фестиваль. Уи, ахәыҷқәа - ҳҭоурыхи , ҳкультуреи , ҳҵасқәеи ирызхьанарҧшит . Афестиваль еиҿыркааит Тҟәарчали, Гали, Гагреи, Гәудоуҭеи рраионқәа рҟынтәи аҧшьгаратә гәыҧқәа. Адгылара арҭеит Аҧсны акультура аминистрра , ақыҭанхамҩа аҿиаразы Европатәи Аидгылеи Еиду амилаҭқәеи реиҿкаара , иара убас «Амлашьра аҿагыларазы» жәларбжьаратәи аиҿкаара . Афестиваль ҷыдарақәас иамаз ҳҭыхратә гәыҧ ранҵамҭаҿы.