Ҳанеидгыла, аиааирагьы ҳгеит . Иахьагьы аидгылара аарҧшны, аиааира амш аламҭалазы иаадыртуеит зыхьӡ ҳәамыз аибашьцәа рҭыӡқәеи рбаҟақәаеи. Тҟәарчал ,Аҟәарчаҧан аҳабалаҿы Леон иорден занашьоу Лиалиа Арышҧҳа лбаҟа аадыртит, иара убасгьы ақыҭа иагәылсуа амҩахәасҭақәа руак лыхьӡ ахырҵеит . Уи зегь алыршахеит адепутат Герман Каҷарааи ақыҭа уааҧсыреи иҟарҵаз ацхыраарала . Шәахәаҧш анаҩстә ҳанҵамҭа .