Имаҷҩым аибашьра аан ааха зауз иахьа уажәраанӡагьы зхала анеиааира злымшо аибашьцәа. Лассы-лассы акәымзаргьы, Аиааира амш аламҭалазы дара ирҭаауеит рҩызцәа , ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. Убас, Агәыҳаларатә еиҿкаара Аҟәа ақалақьи араиони аинвалидцәа реидгыла ахаҭаранкцәа жәаҩык аветеранцәа инарыл-аарылсны ирбеит, иааиуа аныҳәа рыдырныҳәалеит.