Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aшәахьа, 25 Цәыббра 2023 22:20

Бзыҧҭатәи актәи абжьаратәи ашкол аҿы иҭахаз аибашьцәа ирызку амузеи аартуп

Аҭоурых аиқәырхара иазырхоуп! Гьаргь Алшәындба ихьӡ зху Бзыҧҭатәи актәи абжьаратәи ашкол аҿы иҭахаз аибашьцәа ирызку амузеи аартуп. Иара фырхаҵаратә мҩала еимадоу Бзыҧаа рабиҧара ахьӡуп. Уаҟа ицәыргоуп ҩажәи хәба шықәса рыҩныҵҟа ашкол ааӡара аҟәша аиҳабы Анжела Барганџьиа еидылкылоз аматериалқәа. Аусмҩаҧгатә даҭааит Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба,Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Хана Гәынба, ауаажәларра.

Media