Аҟәа ақалақь, Гәымсҭа, амассив ҳәа иахьашьҭоу аҳаблаҿы иаадыртит марттәи ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа-гәымшәақәа ргәалашәара аҳаҭыр азы амемориалтә ҕәы. Уи алыршахеит Аҧсны ахада идҵа инақәыршәаны. Аусқәа зегь мҩаҧнагон Аҟәа ақалақь ахадара, абаҟа иазоужьын ҩ-миллионк инацны аҧара. Абаҟа аартра иалахәын хыҧхьаӡара рацәала ауаа иара убас атәыла ахада Аслан Бжьаниа.