Аҧсны аҭоурых аҿы иҟамлаӡац Аиааира амш еиҳау даҽа ныҳәак. Хымҧада узыргәырҕьо , аха алахьеиқәҵара зцу. Шьыжьнаҵы Ахьӡ-Аҧша абаҳчаҿы Аиааира аагара зхы ақәызҵаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа анышә иахьамадоу рҿаҧхьа ихырхәуеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, аиашьаратә республикақәа рнапхгаҩцәа, атәыла аиҳабыра , амшныҳәа аҳаҭыр азы иаҳҭааз асасцәа, адепутатцәа, аветеранцәа , ауаажәларра уҳәа хыҧхьаӡара рацәала ауааҧсыра .