Изаамҭанымкәа зыҧсҭазаара иалҵыз Москватәи аҧсуа диаспора алахәыла, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә анефти агази руниверситет арҵаҩы Илиаида Кәыџҧҳа лгәалашәара аҳаҭыразы Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаҧысит ахәылҧаз. Уи иалахәын Илиаида Солмаз-иҧҳа лҭаацәа, лҩызцәа, илзааигәаз. Ахәылҧаз аҟны иазааҭгылеит лыҧсҭазааратә мҩа, лнапы злакыз аус. Иара убас идырбан лара илызкыз афильм. Аусмҩаҧгатә еиҿикааит амузыкант Барас Ҟәыџба .