Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҧшьгарала имҩаҧысуеит зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа- ҧшьынҩажәи жәаха шықәсқәа рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵреи Аҧсны Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара жәохә шықәса ахыҵреи ирызку; « Амшынеиқәа- Кавказтәи арегион аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи рыпроблемақәа»,- ҳәа захьӡу Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа.Жьҭаарамза ҩба рзы аконференциа аусура хацыркын Мгәыӡырхәа ақыҭан: ҳтәыла аҭоурыхтә милаҭтә гәарҧ « Аҧсны» аҿы. Аконференциа аҩбатәи амш азы апленартә еилатәара мҩаҧысит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы.