Ҳдырраҭараҿы:
00:14 Амҩаҧгаҩ Сима Агәынҧҳа
01:13 Аслан Бжьаниа усутә визитла Москва даҭааит.
03:12 Аҧсны ахада иаҧхьахә агаразы аҽырыҩрақәа мҩаҧысит Бзыҧҭа.
07:52 Еснагь ацхыраара иазыхио. Арратә госпиталь ахирургцәа ирызкуп ҳанҵамҭа ҷыда.
18:45 Аҵарадырра змоу абиҧара - агәыҕра ҳазҭо аҧеиҧш. Ҳхәыҷқәа рхатәы бызшәа иазхьарҧшны агәыбылра шдырктәу, уи аҟны аметодика ҿыцқәа рхархәара шалшо атәы апедагогигатә институт адиректор Ирина Кәакәасқьырҧҳа лыҿцәажәараҿы.
36:18 Ииасуа амчыбжь азы ихадаз ажәабжьқәа ааркьаҿны еиҭашәгәалаҳаршәоит ишәыдаагало ахҳәааҿы.