Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иусҧҟала, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа дҟаҵоуп Урыстәылатәи арегионқәа Донецктәии, Лугансктәии ареспубликақәеи, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рҟны атәыла ахада ихаҭарнак ҷыдас. Ажурналистцәа рзы аминистр имҩаҧигаз апресс-конференциаҿы дазааҭгылеит ҳаҧхьаҟа арҭ арегион ҿыцқәеи, Аҧсныи реизыҟазаашьа аҿиара дшахәаҧшуа атәы. Иара убасгьы ашықәс нҵәаанӡа агәманитартә цхыраара шдәықәҵахо атәы иҳәеит.