Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aхаша, 25 Жьҭаара 2023 05:42

Аҟәа ақалақь аӡымҩангагақәеи ацрыҵмҩангагақәеи рыҧсахразы аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит

Абар уажәшьҭа хымзуп, Аҟәа ақалақь Арӡынба имҩаду ахәҭак аҿы аӡымҩангагеи ацрыҵмҩангагеи рыҧсахразы аусурақәа цоижьҭеи. Уажәазы, Агәмаа имҩа аихысырҭа инаркны Ҳараниа имҩа аихысырҭа аҟынӡа аусурақәа нагӡоуп. Ҳараниа имҩа инаркны Титов имҩа аҟынӡа аӡымҩангага ҧсахымкәа иаанхоит. Аусурақәа мҩаҧысуеит ақалақь ахадара ахарџь ала. Урҭ ҩажәи жәаа миллион мааҭ рзоужьуп. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Media

Иҵегь ари акатегориаҟны « Амшеикәшара 23.10.2023 Амшеикәшара 24.10.2023 »