Уи аҿы 2023 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет аиҭакрақәа алагаланы, аҵыхәтәантәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит. Иара убас, аҧхьаӡагақәа раахәаразы «Амшынеиқәафымцамч» иазоужьыз ҩышә миллион мааҭ ахәҭак даҽа хырхарҭак арҭеит, хынҩажәа миллион аӡынразы Урыстәылантә иҳауа афымцалашара ахә ахшәаарахьы ииаган.