Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Жәларбжьаратәи акласс змоу аспорт азҟаза, атлетика хьанҭазы СССР ачемпион, Асовет Еидгылеи адунеии ррекордсмен Руслан Расим -иҧа Ҭаркьыл. Аҧсны ахьӡ ҭызгаз аҟаза абзиараз ҳәа иарҳәон Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, аҧыза-аминистр Александр Анқәаб,атәыла аспорттә еилазаара, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.