Ачымазара ҿкы иахырҟьаны аклассқәа рҿы аҵаҩцәа рхыҧхьаӡара маҷхеит. Ахәыҷқәа рыдагьы адуцәагьы чмазаҩуп . Ихьшәашәарахацыҧхьаӡа арҭ ачымазарақәа еиҳагьы рыҽдырҭбаауеит . Убри азы Аҧсны Асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева абжьгара ҟалҵоит ауааҧсыра ианаамҭоу алаҵақәа ҟарҵаларц азы . Атема иацылҵоит Лаура Қаҧшьҧҳа.