Анцәа дузжьом ҳәа аҧсуаа ражәа иалоуп. Аҧсны иҧшьоу амитрополиа ахеилак ахантәаҩы, архимандрит аб Дараҭ (Дбар) исоциалтә даҟьаҿы агәынамӡара ааирҧшит. Афон-Ҿыцтәи амонахцәа рныҳәарҭа иахьаҵанакуа аҭаацәара аҧызҵо аҿар лассы-лассы иаҭаауеит. Урҭ рахымҩаҧгашьа аҧсуара ианаалом, Анцәа ихаҵарагьы иақушәом ҳәа иҧхьаӡоит иара. Ҳкорреспондент Амра Зарандиаҧҳа архимандрит диҿцәажәеит. Шәахәаҧш анҵамҭа.