Ҩнызқьи ҩажәи ҩба - ҩнызқьи ҩажәи хәба шықәсқәарзтәи Аҧсны асоциал економикатә ҿиаразы аҳәынқарратә программа аиҭакрақәа ралагалара, Аҧсныи Шьамтәылеи рқыҭанхамҩақәа рминистррақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵара, аҧсыӡкразы аквота ашьақәыргылара уҳәа инеизакны ҩажәи хәба зҵаара ирыхәаҧшын аҧыза-министр Александр Анқәаб ихантәаҩрала имҩаҧысыз аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.