Аҧсны жәлар реизара адепутатцәа актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит ҩнызқьи ҩеижәи ҧшьба шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы азакәан апроект, анхаразы азиншәҟәы иахәаҧшны хәышықәса рҿынтә жәа-шықәса рахь ииаргеит, ибиуџьеттәым афондқәа иааиуа ашықәсазтәи рбиуџьет азы азакәан апроект актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит. Зынӡа ирыхәаҧшын 18 зҵаара. Фатима Гьергьиаҧҳа Жәлар реизара аҿынтә ланҵамҭа.