Аҧсны акриминогентә ҭагылазаашьа, амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара, анаркотикатә маҭәашьарақәа ареспубликахь раагара алмыршара уҳәа, азҵаарақәа жәпакы дырзааҭгылеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут сынтәатәи русура аихшьаала иазкны имҩаҧигаз апресс-конференциаҿы.